Иракли Кобахиӡе  - Аҳақьымцәеи,  амедиеҳәшьцәеи,  ацхыраара лас абригадақәа рылахәылацәеи,  ари аусхкы егьырҭ аусуҩцәеи Хырҧашьа змам амедицинатә цхыраара жәларбжьаратә амш рыдысныҳәалоит. Шәара шәфырхацәаҵәҟьоуп

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе амедицинатә усхкы ахаҭарнакцәа Хырҧашьа змам амедицинатә цхыраара жәларбжьаратә амш рыдиныҳәалеит.

«Аҳақьымцәеи,  амедиеҳәшьцәеи,  ацхыраара лас абригадақәа рылахәылацәеи,  ари аусхкы егьырҭ аусуҩцәеи Хырҧашьа змам амедицинатә цхыраара жәларбжьаратә амш рыдысныҳәалоит.

Шәара шәызынтәгьы ҳтәылауаа ргәабзиареи рыҧсҭазаареи ахьчаразы имҩаҧыжәго, хәы змам аусуразы ҷыдала ҭабуп ҳәа шәаҳәаны, апатуқәҵара ҷыда шәзаасырҧшыр сҭахуп.

Шәара шәфырхацәаҵәҟьоуп.

Қырҭтәыла аиҳабыра рыхьӡала, атәылеи ажәлари рымаҵ ауразы идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Аҭынчреи агәабзиареи шәзеиҕьасшьоит!», — иануп аҧыза-министр иҳәамҭаҿы.