Иракли Кобахиӡе - Аҳәаанырцәынтә аҧара зауа аиҿкаарақәа рыла алхратә агитациеи апропагандеи амҩаҧгара Қырҭтәыла Аконституциа аҧҟанҵеи, аҳәынҭқарра асуверенитет апринципи, адемократиатә алхрақәа апринципқәеи еиланагоит
Иракли Кобахиӡе - Аҳәаанырцәынтә аҧара зауа аиҿкаарақәа рыла алхратә агитациеи апропагандеи амҩаҧгара Қырҭтәыла Аконституциа аҧҟанҵеи, аҳәынҭқарра асуверенитет апринципи, адемократиатә алхрақәа апринципқәеи еиланагоит

Аиашаз, аҳәаанырцәынтә аҧара зауа аиҿкаарақәа рыла алхратә агитациеи апропагандеи амҩаҧгара Қырҭтәыла Аконституциа аҧҟанҵеи, аҳәынҭқарра асуверенитет апринципи, адемократиатә алхрақәа апринципқәеи еиланагоит,  „Жәларбжьаратәи аартызаара – Қырҭтәылеи” егьырҭ иашьашәалоу аиҿкаарақәеи ажәлар рыгәҭа ахьӡ-аҧша ахьрымам аҟынтә, абарҭ аилагарақәа жьҭаара 26 рзы имҩаҧысуа апарламенттә алхрақәа рылҵшәақәа  изакәызаалак ак ала ирныруам, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе.

Аԥыза-министр Антикоррупциатә биуро ахь ааԥхьара ҟаиҵоит “Transparency International Georgia” иазку аӡбара аиҭахәаԥшар иалагарц, алхрақәа мҩаԥгаанӡа аиҿкаара астатуси егьырҭ асубиектқәа астатусқәа ранашьара апроцесс ааннакыларц

“Ажәлар ишырдыруа еиҧш, Қырҭтәыла Антикоррупциатә биуро аӡбара аднакылеит аиҿкаарақәак, урҭ рыбжьара, „Жәларбжьаратәи аартызаара – Қырҭтәылагьы”,  алхратә хықәкы змоу аиҿкаара астатус рыҭара иазкны.

Жәларбжьаратәи аартызаара – Қырҭтәыла” алхратә хықәкыс ирымоу ажәлар ирыларҳәеит, дара анапхгара партиа иаҿагыланы, иаартны алхратә агитациеи апропагандеи мҩаҧыргоит, убри азыҳәан иашьашәалоу афинанстәи егьырҭ аматериалтәи ресурсқәа рхы иадырхәоит, дарбанзаалак аобиективтә анаҧшҩы абри зегыь лабҿаба ибоит. Убри аҟынтә, Антикоррупциатә биуро иаднакылаз аӡбара, азинтә ганахьала, агхадарат иреиҳаӡоу астандартла иҵаҵгәыркуп,  „Атәылауаа рполитикатә аидҵарақәа ирызку” Қырҭтәыла аоргантә закәан аҳәарақәа ирышьашәалоуп. Убри аҟынтә, актәи аинстанциа аӡбарҭа Антикоррупциатә биуро аӡбара ииашоуп ҳәа ишьақәнарҕәҕәеит, уи уамашәа иубаратәы иҟам.

Аха, аҳәынҭқарратә интересқәеи, насгьы, раҧхьа иргыланы, алхратә процессаҿ адәныҟатәии аманипулиациақәа рҽацәыхьчареи амзызла, „Жәларбжьаратәи аартызаара – Қырҭтәыла” иарҭаз алхратә хықәкы змоу аиҿкаара астатус иаҧыхтәуп ҳәа иҳаҧхьаӡеит. Иара убас, „Жәларбжьаратәи аартызаара – Қырҭтәыла” мацара Антикоррупциатә биуро аӡбара азымӡырҩра азаанаҵҳаит хамҵара алхратә хықәкы змоу аиҿкаарас иазхаҵоу егьырҭ асубиектқәа рзгьы абри аҩызаҵәҟьа азнеишьа иҟазароуп ҳәа ҳгәы иаанагоит”, -иануп аҳәамҭа аҿы.