Иракли Кобахиӡе - Агәра ганы сыҟоуп, Қырҭтәыла, Европа аиҭаҿиареи аҿиареи аҿы ахатә алагала ҷыда аҟаҵара шалшо
Агәра ганы сыҟоуп, Қырҭтәыла, Европа аиҭаҿиареи аҿиареи аҿы ахатә алагала ҷыда аҟаҵара шалшо, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Европа амш инамаданы Expo Georgia аҿы имҩаԥгаз ауснагӡатә аҿы.
“Агәра ганы сыҟоуп, Қырҭтәыла, Европа аиҭаҿиареи аҿиареи аҿы ахатә алагала ҷыда аҟаҵара шалшо. Қырҭтәыла атәыла хәыҷуп, аха, ажәытәӡатә культуреи атрадициақәеи амоуп, абри аҩыза ахкырацәароуп Европа абеиара еиқәзыршәо. Агәра ганы сыҟоуп Қырҭтәыла, Европа ахкырацәара иаҳа арбеиараҿы, иаҳа аҿиараҿы алагала ҷыда ҟанаҵар шалшо.
Ҳәарада, Қырҭтәыла Евроеидгыла алахәылас иҟаларцаз иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит. Иахьа Қырҭтәыла, адемократиа, азакәан аиҳаӡара, аекономикатә аҿиара аласра уҳәа, акандидат астатус змоу атәылақәа рыгәҭа ахырхарҭақәа зегьы рыла аҧхьагылара амоуп. Абри адинамика ахьчароуп уажәазы зегьы реиҳа ихадоу, уи ҳалшар, агәра ганы сыҟоуп хара имгакәа Қырҭтәыла Евроеидгыла алахәылас ишыҟало. Бриуссель саныҟаз амбициатә аҳәамҭа ҟасҵеит, акандидат астатус змоу атәылақәа рҟынтә Қырҭтәылоуп 2030 шықәса анҵәамҭанӡа зегьы реиҳа Евроеидгыла алалара иазыхиазаауа. Убри азыҳәан иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит, агәра ганы сыҟоуп хара имгакәа, 2030 шықәса иахымгакәа, Қырҭтәыла, хымҧада, Евроеидгыла алахәылас ишыҟало. Ишәыдысныҳәалоит иахьатәи амш,“ – иҳәеит аҧыза-министр.