Иракли  Кобахиӡе агәылареи арҭбааразы аиҿцәажәарақәеи рызҵаарақәа рзы Еврокомиссиа агенералтә директор  диҧылеит
Иракли  Кобахиӡе агәылареи арҭбааразы аиҿцәажәарақәеи рызҵаарақәа рзы Еврокомиссиа агенералтә директор  диҧылеит

 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли  Кобахиӡе агәылареи арҭбааразы аиҿцәажәарақәеи рызҵаарақәа рзы Еврокомиссиа агенералтә директор  Иан Копман диҧылеит.

Қырҭтәыла аиҳабыра ринформациа инақәыршәаны, аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит, лымкаала, Евроеидгыла алаларазы аиҿцәажәарақәа ралагара аҵаки,   Еврокомиссиала иҳәаақәҵаз жә-абжьагарак рынагӡара аганахьала Қырҭтәыла иҟоу апрогресси иазааҭгылеит.

«Излацәажәаз атемақәа иреиуп  «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәанпроект. Ишазгәаҭаз ала, азакәанпроект хықәкык ауп иамоу, аартызаара аиқәыршәара, азакәанпроект инақәыршәаны, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа аҧхықәра заҵәык ауп ирыдырҵо  — ироуа аҧара есышықәса аргаматәра.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Евроеидгыла алалара  – Қырҭтәыла аиҳабыра рдәныҟатәи политикаҿы ахадаратә ҵакы змоу аҳасабтәқәа иреиуп, ари ахырхарҭала ареформақәа нагӡахоит.  Иракли  Кобахиӡе даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит атәыла аиҳабыра ари апроцессаҿ Евроеидгыла аинститутқәеи Евроеидгыла иалоу атәылақәеи аус рыцура ишазыхиоу», — иануп Қырҭтәыла аиҳабыра ринформациаҿы.