Иракли Кобахиӡе – Агәыԥ алахәылацәа ҳаидгыланы ааԥхьарақәа зегьы ҳарҿагылоит, алҵшәақәа ақырҭуа уаажәларра хаҭарнакцәа ирыдаҳгалоит
Агәыԥ алахәылацәа ҳаидгыланы ааԥхьарақәа зегьы ҳарҿагылоит, алҵшәақәа ақырҭуа уаажәларра хаҭарнакцәа ирыдаҳгалоит, – иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе апартиа еизара ду ашьҭахь.
Апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы – адемократиатә Қырҭтәыла” хантәаҩыс Иракли Кобахиӡе далырхит. Аизара ду рхы ладырхәоит 400-ҩык аделегатцәа. Иракли Кобахиӡе икандидатура аделегатцәа дегьы иадгылеит. Иракли Кобахиӡе игәыԥ алахәылацәа агәрагара ахьизаадырԥшыз иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Иара убас иахьа “Ақырҭуа гәахәтәы” еизара ду аҿы аполитхеилак еилазаашьа ҿыц шьақәдырӷәӷәеит.