Иракли Кобахиӡе  – «Агәахәтәы ақалақь» – зеиҧшҟамлац асоциалтә проектуп,  уи ҳтәылауаа ирыхәҭоу аҧсҭазаашьа рзеиқәыршәара иазкуп
Иракли Кобахиӡе  – «Агәахәтәы ақалақь» – зеиҧшҟамлац асоциалтә проектуп,  уи ҳтәылауаа ирыхәҭоу аҧсҭазаашьа рзеиқәыршәара иазкуп

«Агәахәтәы ақалақь» аргылара аҩбатәи аетап иалагоит — апроект аартра ацеремониа рхы аладырхәит Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Кобахиӡеи Аҷаратәи автономтә республика аиҳабыра рхантәаҩы Ҭорнике Рижваӡеи.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ари апроект аҵакы ҷыда азгәаҭаны,  ишиҳәаз ала,  ари апроект алагьы иубарҭоуп атәыла анапхгара рзы атәылауаа рмышхәыбзазара аҵакы ду шамоу.

«Актәи аеткап қәҿиарала ихыркәшоуп,  12 еихагылақәа змоу 3 корпуск дыргылахьеит,  уаҟа  582 ҭаацәарақәа ауадақәа роуит,   800ҩык раҟара ахәыҷқәа изҩыдоу акомфорттә ҭагылазаашьаҿы азҳаа алшара роуит.

Иахьа ари апроект аҩбатәи аетап ҳалагоит,  уи иаҳа зымҽхак дуу проектуп. Аплан ҿыц инақәыршәаны,   19 407 аквадраттә метр аҵакыраҿ 9 корпуск ҳаргылоит,  уаҟа  1 077 ҭаацәарақәа ауадақәа роуеит. Ауада ҿыцқәа аҧсабаратә гази,  аӡи,  аканализациеи уҳәа,  зегьы рыла еиқәыршәазаауеит», — иҳәеит  Кобахиӡе.