Иракли Кобахиӡе  - Агәабзиарахьчара амилаҭтә агентра ала  агәабзиарахьчара апрограмма иалахәы аклиникақәа амаҵзура ахәҧса  рызшәара аҿҳәарақәа акырӡа имаҷхоит 
Иракли Кобахиӡе  - Агәабзиарахьчара амилаҭтә агентра ала  агәабзиарахьчара апрограмма иалахәы аклиникақәа амаҵзура ахәҧса  рызшәара аҿҳәарақәа акырӡа имаҷхоит 

Агәабзиарахьчара амилаҭтә агентра ала  агәабзиарахьчара апрограмма иалахәы аклиникақәа амаҵзура ахәҧса  рызшәара аҿҳәарақәа акырӡа имаҷхоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Кобахиӡе иҳәамҭала, арҭ аҿҳәарақәа акырӡа  рырмаҷра ргәы иҭоуп.

„Ҳара агәабзиарахьчара асектор активла аус ацура наҳагӡоит. Ари аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны, хара имгакәа, акрызҵазкәа аиҭакрақәа, ареформақәа мҩаҧгахоит.  Раҧхьа иргыланы,  Агәабзиарахьчара амилаҭтә агентра ала  агәабзиарахьчара апрограмма иалахәы аклиникақәа амаҵзура ахәҧса  рызшәара аҿҳәарақәа акырӡа имаҷхоит. Уи проблемас иҟаз азҵаарақәа иреиуп, аклиникақәа еснагь ари азҵаара иаргәамҵуан, иашьашәалоу ахәҧса ашәара аҿҳәарақәа рырмаҷразы аконкреттә шьаҿақәа ҟаҳҵоит. Уи абзоурала, агәабзиарахьчаратә программақәа ирылахәы аклиникақәеи амедицинатә персонали дара имҩаҧырго амаҵзура ахәҧса иаамҭаны ироуеит.

Иара убас, акьыба ачымазара зыхәшәтәуа аклиникақәа рзы иазҧхьагәаҭоу ахәҧса ашәара апҟарагьы ҳарҽеиуеит, уи абзоурала, атарифтә политика иаҳа ииашахоит, иаҳа иаартызаауеит“, – иҳәеит аҧыза-министр.