Иракли Кобахиӡе  Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра аусзуҩцәа дырҧылеит 
Иракли Кобахиӡе  Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра аусзуҩцәа дырҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа рҟны аибадырратә ҟазшьа змоу аиҧыларақәа мҩаҧигоит.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анеҩс, иахьа аиҳабыра рнапхгаҩы Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра аппарат хада аусзуҩцәеи ари аминистрра иаҵанакуа еиуеиҧшым аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәеи дырҧылеит.

Аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит ари аминистрра еффективла аусура атәыла аекономикатә азҳареи аҿиареи азы иамоу аҵакы ҷыда,  иара аминистрра аусзуҩцәа инарыгӡо аусуразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Аиҿцәажәараан, Иракли Кобахиӡе атәылаҿ имҩаҧысуа аполиткиатә процессқәеи аекономиказы урҭ ирымоу анырреи, иара убас,  арегионаҿ аҭагылазаашьеи,  наҟ-наҟ иҟаҵатәу ашьаҿақәеи дырзааҭгылеит, ари аганахьала иалкаан атәыла евроинтеграциа апроцессаҿ ҳаҧхьаҟа иҟаҵатәу ашьаҿақәа.

Актәи авице-аҧыза,  аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвили ишазгәеиҭаз ала,  абри аҩыза аиҧыларақәа аҵакы ду рымоуп,  избанзар,  аҳәынҭқарратә сектор аусзуҩцәа ишиашо аҧыза-министр иҟынтә инарҭбаау аинформациа роур рылшоит атәылазы зҵакы дуу аӡбарақәеи,  атәыла аҿиара иазку наҟ-наҟтәи апланқәеи  ирызкны,  иара убас,  дара интересс ирымоу азҵаарақәа рзы аҭак роуеит.

Аиҧылара мҩаҧган азҵаара – аҭак аформатаҿ. Аҧыза-министр аминистрра аусзуҩцәа рызҵаарақәа аҭак риҭеит.