Иракли Кобахиӡе Аӡиудо азы европатәи аидгыла ахада диҧыланы, ҳаҧхьаҟа Қарҭ имҩаҧысраны иҟоу аӡиудо азы Европа ачемпионат иадҳәалоу апланқәа ирызкны диацәажәеит
Қырҭтәылаҿ имҩаҧысраны иҟоуп аӡиудо азы 2026 шықәсатәи Европа ачемпионат, – атурнир амҩаҧгара иадҳәалоу адетальқәа ирылацәажәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи Аӡиудо азы Европатәи аидгыла ахада Ласло Тоҭи.
Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра, ирылшо ала, Аӡиудо азы европатәи аидгылаҟны аусеицура арҭбаара иацхраауеит, аӡиудо азы Европа ачемпионат иҳаракӡоу аҩаӡараҟны амҩаҧгара еиқәдыршәоит.
Аӡиудо азы 2026 шықәсатәи Европа ачемпионат Қырҭтәылаҿ амҩаҧгара иазку аиқәшаҳаҭра иахьа рнапы аҵарҩит. Адокумент рнапы аҵарҩит аспорт азы аминистр Шьалуа Гоголаӡеи, Аӡиудо азы европатәи аидгыла ахада Ласло Тоҭи, Аӡиудо азы афедерациа ахада Леван Нозаӡеи.
Ҳаҧхьаҟа, мшаҧы 23-26 рзы Қарҭ имҩаҧысуа Европа ачемпиоанатаҿ еицлабуеит даӡәымкәа зыхьӡ дуу аӡиудоистцәа.