Иракли Кобахиӡе – Аӡбратә реформа иадҳәаланы Венециатәи акомиссиа абжьагарақәа ҳрықәныҟәоит, раҧхьатәи адокумент ҳаиҭахәаҧшны, аҵыхәтәантәи аредакциа еиқәҳаршәоит
Аӡбарҭа иазку ахәҭаҿгьы 12 абжьагарақәа рҟынтә пунктк ишахәҭоу еиҧш инаҳагӡоит, – иҳәеит апарламенттә аиҳара алидер, апартиа „Ақырҭуа гәахәтәы“ ахантәаҩы Иралки Кобахиӡе.
Иара ишиҳәаз ала, анапхгаратә гәыҧ, Евроеидгыла 12 абжьагарақәа ишахәҭоу еиҧш инарыгӡоит. Лымкаала, аӡбаратә реформа иадҳәаланы ишиҳәаз ала, Венециатәи акомиссиа абжьагарақәа ирықәныҟәоит, ицәыргаз адокумент еиҭахәаҧшны, аҵыхәтәантәи аредакциа еиқәдыршәоит.
„Ҳара Евроеидгыла 12 абжьагарақәа ишахәҭоу еиҧш инаҳагӡоит. Аӡбаратә реформа иадҳәаланы Венециатәи акомиссиа абжьагарақәа цәыргоуп, ҳара урҭ ҭҵааны, жәаҳәарада инаҳагӡоит. Анеҩс, раҧхьатәи адокумент ҳаиҭахәаҧшны, аҵыхәтәантәи аредакциа еиқәыршәаны апарламент иадаагалоит. Аӡбарҭа иазку ахәҭаҿгьы 12 абжьагарақәа руакы ишахәҭоу еиҧш инагӡахоит“, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.