Иракли Кобахиӡе, адунеи алидерцәа рыгәҭа, Берлин, Украина аиҭашьақәыргылара иазку аконференца ихы алаирхәоит 
Иракли Кобахиӡе, адунеи алидерцәа рыгәҭа, Берлин, Украина аиҭашьақәыргылара иазку аконференца ихы алаирхәоит 

 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе, адунеи алидерцәа рыгәҭа, Берлин, Украина аиҭашьақәыргылара иазку аконференциа (URC2024) ихы алаирхәоит.

Аусмҩаҧгатә иалахәы аҳәынҭқаррақәеи аиҳабырақәа напхгаҩцәеи идикылеит Германтәылатәи афедеративтә республика аканцлер Олаф Шольц.

Қырҭтәыла аҧыза-министр аҳәынҭқаррақәа рнапхгаҩцәа русуратә аиҧылараҿы дықәгылеит, аиҧылара анапхгара азыруан Германтәыла аканцлер Олаф Шольци Украина ахада Владимир Зеленскии. Иракли Кобахиӡе даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылитә акзаареи ишадгыло. Иара ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла, Украина аиҭашьақәыргылара апроцессаҿы ахатә алагала аҟаҵара иазыхиоуп.

Аконференциа аофициалла иаадыртаанӡа, уи иалахәы алидерцәа, еидгыланы рпатреҭ ҭырхит.

Аусмҩаҧгатә хықәкыс иамоуп Укриаина аиҭашьақәыргылареи, ареконструкциеи, ареформақәеи, амодернизациеи рзы жәларбжьаратәи адгылара аиура.

Зыҩаӡара ҳараку аполитикатә форум рхы аладырхәоит аҳәынҭаррақәеи аиҳабырақәеи рнапхгаҩцәеи, аминистрцәеи, жәларбжьаратәи аиҿкарақәеи, афинанстә институтқәеи, абизнеси, атәылауаҩратә уаажәларреи рхаҭарнакцәеи.