Иракли Кобахиӡе адунеи алидерцәа рыгәҭа, Берлин имҩаԥысуа Украина аиҭашьақәыргылара иадҳәалоу Аконференциа ихы алаирхәоит
Иракли Кобахиӡе адунеи алидерцәа рыгәҭа, Берлин имҩаԥысуа Украина аиҭашьақәыргылара иадҳәалоу Аконференциа ихы алаирхәоит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе адунеи алидерцәа рыгәҭа, рашәара 11-12 рзы Берлин имҩаԥысуаУкраина аиҭашьақәыргылара иадҳәалоу Аконференциа (URC2024) ихы алаирхәоит.

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, ауснагӡатә хықәкы хадас амоуп Украина аиҭашьақәыргылареи, ареконструкциеи, ареформақәеи, амодернизациеи рзы жәларбжьаратә адгылара амобилизациа.

Аҧыза-министр анапхгара ззиуа Қырҭтәыла аделегациа иалоуп Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании.