Иракли Кобахиӡе ADP гәыԥ иаҵанакуа TAV Airports Holding аделегациа алахәылацәа дырԥылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ADP гәыԥ иаҵанакуа TAV Airports Holding аделегациа алахәылацәа дырԥылеит.
Аԥыза-министр ипрессиаҵзура аинформациа ала, аиԥылараҿ ирыхәаԥшит Қарҭтәи Баҭымтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазақәа рҿы имҩаԥысуа, иара убас имҩаԥысран иҟоу аинфраструктуратә проектқәа.
Аганқәа рыхцәажәеит аԥхынтәи асезон азы аҽазыҟаҵара апроцесси хара имгакәа Қырҭтәыла аџьармыкьаҿ авиаеилахәыра ҿыцқәа рцәырҵра азҵаареи.
“TAV Airports Holding” аменеьмент аҿы аиҭакрақәа ҟалоит. аилахәыраҿыгоуп. Аҳолдинг идуӡӡоу акционер франциатәи ADP гәыԥ ауп, уии TAV Airports-и адунеи 29 тәылақәа рҿы 108 аҳаирбаӷәазақәа рхылаԥшра анапы алакуп.