Иракли Кобахиӡе адгьылбгара ахьыҟалаз Нергееҭи ақыҭаҿ дыҟоуп
Иракли Кобахиӡе адгьылбгара ахьыҟалаз Нергееҭи ақыҭаҿ дыҟоуп

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе адгьылбгара ахьыҟалаз Баӷдаҭи, Нергееҭи ақыҭаҿ дыҟоуп.

Иракли Кобахиӡе аԥсабаратә рыцҳараан иҭахаз атәылауаа рҭаацәарақәа рылахәылацәа дрыдашшылеит.

“Арыцҳара ду ҟалеит, иҭахаз атәылауаа рҭаацәарақәа рылахәылацәа срыдашшылоит. Аҭагылазаашьа зеиԥшроу ҳбеит. Аԥсабаратә рыцҳара алҵшәақәа рликвидациатә усурақәа мҩаԥысуеит”, –  иҳәеит Кобахиӡе.

Баӷдаҭи, Нергееҭи ақыҭаҿ адгьылбгара жәабран 7 рзы ҟалеит. Аԥсабаратә рыцҳараан иҭахеит жәҩык ауааԥсыра.