Иракли Кобахиӡе – Аҵыхәтәантәи аамҭазы имҩаҧысуаз апроцессқәа раан ақырҭуа полициа даҽазнык азанааҭдырра ду аанарҧшит, аполициа аус ауеит европатәии америкатәии иреиҳаӡоу астандартқәа ирышьашәаланы
Иракли Кобахиӡе – Аҵыхәтәантәи аамҭазы имҩаҧысуаз апроцессқәа раан ақырҭуа полициа даҽазнык азанааҭдырра ду аанарҧшит, аполициа аус ауеит европатәии америкатәии иреиҳаӡоу астандартқәа ирышьашәаланы

Аҵыхәтәантәи аамҭазы атәылаҿы имҩаҧысуаз апроцессқәа раан шәара даҽазнык  азанааҭдырра дуи апатриотизми аашәырҧшит, Ақырҭуа полициа аус ауеит европатәии америкатәии иреиҳаӡоу астандартқәа ирышьашәаланы, уи азыҳәан ҭабуп ҳәа шәасҳәоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Аполициа амш инамаданы имҩаҧгаз агәырҕьаратә усмҩаҧгатә аҿы данықәгылоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы аполициа аусзуҩцәа зегьы хәы змам аусуреи, азанааҭдырреи,  апатриотизми азы ҭабуп ҳәа раҳәаны, адгылара ҕәҕәа рзааирҧшит.

„Шәара инашәыгӡо, иуадаҩӡоу  аусураҿы ишәзааигәоу ауаа рыдгылара аҵакы ду шамоу здыруеит.  Шәҭаацәеи,  шәыҳәсеи, шәхылҵи, шәҭаацәарақәа рылахәылацәа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп.  Қырҭтәыла аиҳабыреи хаҭала сареи ҳахьӡала  даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәоит хәы змам шәусуреи, шәзанааҭдырреи, шәпатриотизми азыҳәан, наҟ-наҟгьы адгылара ҕәҕәа шәақәсыргәыҕуеит.  Шәареи шәҭаацәарақәеи аҭынчреи, мышхәыбзазареи, ақәҿиарақәеи шәзеиҕьасшьоит. Даҽазнык ишәыдысныҳәалоит иахьатәи амш“,- иҳәеит аҧыза-министр.