Иракли Кобахиӡе - Аҵаҩы ашколаҿ изанааҭтә усураҿы ихәаша адырреи азыҟаҵареи имоур, асистема ақәҿиара аиуӡом
Азеиҧш аҵара асистемаҿ ареформа мҩаҧымгакәа иреиҳаӡоу аҵара асистемаҿ ареформа зыҟалом, аҵаҩы ашколаҿ изанааҭтә усураҿы ихәаша адырреи азыҟаҵареи имоур, асистема ақәҿиара аиуӡом, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе азеиҧш аҵара асистема ареформа аконцепциа аӡыргараҿы данықәгылоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы азеиҧш аҵара асистема ареформа аҵакы ҷыда азгәаҭаны, ишиҳәаз ала, адокумент ихиаалан иреиҳаӡоу аҵара ареформа аконцепциа апринципқәа реиҧшҵәҟьа.
„Азеиҧш аҵара асистема аҿаҧхьа иқәгылоу ахадаратә аҳасабтәқәа иааркьаҿны, хшыҩла 8 аҭакк рыҭоуп. Аминистр, ҳаҭыр зқәу Гиви Миқанаӡеи инеизакны аминистрра агәыҧи, ари аконцепциа аус адулара иалахәыз ауааҧсыра зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Агәра ганы сыҟоуп ари аконцепциа қәҿиарала ишынагӡахо, наҟ-наҟ ҳтәыла аҿиара апроцессаҿ алагала ду шыҟанаҵо“, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.
Азеиҧш аҵара асистема ареформа амилаҭтә концепциа цәыригеит Қырҭтәыла аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы аминистр Гиви Миқанаӡе.
Асистемаҿ ахадаратә проблемақәас иҳәаақәҵоуп аҵаратә программа аҵаки, аҵаратә ресурсқәеи, ашколтә ҧсҭазаареи, аҵаратә аҩаӡарақәа рыбжьара аимадареи, арҵаҩцәа рквалификациеи, аҵаратә лагылазаареи; аҵаратә процесс аинклиузивреи, анапхгараҭареи афинансыркреи асистемеи.
Апроблемақәа ирышьашәаланы иҳәаақәҵоуп аҳасабтәқәа, урҭ рынагӡара абзоурала еиқәыршәазаауеит шьаҭанкылатәи адырра аиура иазку аҵаратә программа аҵаки, асистематә аҵаратә ресурсқәеи, ахкырацәаратә ашколтә культуреи, еиҧҟьарадатәи аҵареи, арҵаҩцәа рзанааҭтә аҵареи, ҳаамҭазтәи аинклиузивтә аҵаратә лагылазаареи, аинфраструктура аҿиареи, иара убас, анапхгараҭареи афинансыркреи иманшәалоу амеханизмқәеи рышьақәыргылара.
Азеиҧш аҵара асистема ареформа аконцепциа аӡыргараҿы иҟан анагӡаратәи азакәанҧҵаратәи мчра алахәылацәеи аҵара аусхкы ахаҭарнакцәеи.