Иракли Кобахиӡе  -  Аҵара асистема аҿиара ахадаратә ҵакы змоу аҳасабтәқәа иреиуп, ари ахырхарҭала исериозу апланқәа ҳамоуп. Ауниверситеттә аҵара хшыҩзышьҭра ҷыда азаауеит 
Иракли Кобахиӡе  -  Аҵара асистема аҿиара ахадаратә ҵакы змоу аҳасабтәқәа иреиуп, ари ахырхарҭала исериозу апланқәа ҳамоуп. Ауниверситеттә аҵара хшыҩзышьҭра ҷыда азаауеит 

Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Раҷа иҟоу Шаортәи аҿартә лагер алахәылацәа дырҧылеит.

Алагер аҿы аиҳабыра рнапхгаҩы ицын апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии, Қарҭ ахада Каха Калаӡеи, аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы аминистр ГьаргьАмилахварии.

Иракли Кобахиӡе алагер алахәылацәа аҵара асистемеи аҿартә политикеи рҿиара иазку апроектқәа рзы драцәажәеит.

„Аҵара асистема аҿиара ахадаратә ҵакы змоу аҳасабтәқәа иреиуп, ари ахырхарҭала исериозу апланқәа ҳамоуп. Ауниверситеттә аҵара хшыҩзышьҭра ҷыда азаауеит.

Аинфраструктура аиҕьтәрагьы аҵакы ду амоуп. Аспорттә инфраструктура акырӡа еиҕьхоит, ҳара ари азҵаара аҵакы ду анаҳшьоит, аиҳабыра наҟ-наҟгьы ари ахырхарҭала аусура нарыгӡоит. Аҿар ишәызку апроектқәа рҿы шәылахәызаара иаҵанакәа рацәоуп, ари аганахьалагьы акрызҵазкәа аконкреттә инициативақәа ҳамоуп. Ҳара апрецедент бзиа ҳаман, иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ирылгаз аҿар рзы аулафахәы ахьыршәо аҧышәара апрограмма еиҿкаан. Ҳара аҿар ҳарҧыланы, ари апрограмма аиҿкаашьа иазкны ҳрацәажәан, ргәанагара еилкааны, апрограмма еиҕьаҳтәит. Сынтәа, раҧхьаӡа акәны,  абас зымҿхак дуу аҿартә ҧышәара апрограмма мҩаҧгахоит, уи абзоурала, иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ирылгахьоу 3500ҩык аҿар, аҭыҧантәи, иара убас, ацентртәи напхгара аҩаӡараҟны, аҳәынҭқарратә структурақәа рҿы, аулафахәы ахьыршәо аҧышәара иахысыр рылшоит.

Анеҩстәи 4 шықәса рыҩныҵҟала имаҷымкәа апроектқәеи аинициативақәеи мҩаҧгахоит,  излауа ала ирацәаны аҿар абарҭ аинициативақәа рхы рыладырхәыр ҳҭахуп”, – иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҧылара азҵаара-аҭак арежимаҿ имҩаҧган, уи рхы аладырхәит апарламенти аҭыҧантәи анапхгареи рылахәылацәа.

Шаортәи алагер сынтәа астудентцәа аҵыхәтәантәи ргәыҧ аднакылеит. Зынӡа 2024 шықәсанӡа алагераҿ  800ҩык раҟара аҿар рыҧсы ршьеит.

Алагер аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҿар, еиуеиҧшым аҵаратәи, арккаратәи, аспорттәи уснагӡатәқәа ирылахәын, иара убас, еиуеиҧшым атемақәа рзы атренингқәа рзымҩаҧган.

Қырҭтәыла Аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы аминистрра афинанстә цхыраарала, Аҿар рагентра аиҿкаарала, сынтәа аҿартә лагераҿ рыҧсы ршьеит 4500ҩык раҟара аҿар. Зынӡа ари апроект  4  миллионк лари еиҳаны иаҧсоуп.