Иракли Кобахиӡе  - Абжьагарақәа ҳахьрықәшаҳаҭам ахықәкышьашәалара ахәҭаҿ зҵаарақәак иҟоуп, Венециатәи акомиссиа хаҭарнакцәа ҳпозициақәа рзааҳарԥшит
Иракли Кобахиӡе - Абжьагарақәа ҳахьрықәшаҳаҭам ахықәкышьашәалара ахәҭаҿ зҵаарақәак иҟоуп, Венециатәи акомиссиа хаҭарнакцәа ҳпозициақәа рзааҳарԥшит

Абжьагарақәа ҳахьрықәшаҳаҭам ахықәкышьашәалара ахәҭаҿ зҵаарақәак иҟоуп, Венециатәи акомиссиа хаҭарнакцәа ҳпозициақәа рзааҳарԥшит, – иҳәеит апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе  Венециатәи акомиссиа амаӡаныҟәгаҩ хадеи акомиссиа аекспертцәеи рҟны аиԥылара ашьҭахь.

Иракли Кобахиӡе иажәақәа рыла, аиԥылараҿ ирзааҭгылеит аусеицура еиуеиԥшым ахырхарҭақәа, урҭ рыбжьара аӡбарҭа азҵаареи алхратә тематикеи.

„Аӡбарҭақәа ирызкны Венециатәи акомиссиа ҳзаанашьҭыз алкаа ҳахцәажәеит. Азинтә принципқәа рхырхарҭала абжьагарақәа зегьы ҳадаҳкылоит. Аха абжьагарақәа ҳахьрықәшаҳаҭам ахықәкышьашәалара ахәҭаҿ зҵаарақәак иҟоуп, Венециатәи акомиссиа хаҭарнакцәа ҳпозициақәа рзааҳарԥшит. Ацентртә алхратә комиссиа азҵаараӡ Венециатәи акомиссиа аҟынтә алкаа ҳазыԥшуп“, –иҳәеит Иракли Кобахиӡе.