Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла идуӡӡоу – 6,6 миллиард адоллар иаҟароу аинвестициа алазҵаз, адунеи идуӡӡоу адевелопертә еилахәыра „Игл Ҳилс“ ашьаҭакҩы Моҳаммед Алабар диҧылеит.
Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа апроект аконкреттә аспектқәа ирылацәажәеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы даҽазнык иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла аҭоурыхаҿ идуӡӡоу аинвестициатә проект аҵакы ҷыда, иара ишиҳәаз ала, уи ақырҭуа економика аҿиара иацхраауеит.
„Игл Ҳилс” апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Крҵанисии Гониои иаҧҵахоит иреиҳаӡоу астандартқәа ирышьашәалоу аинфраструктура, уи Қырҭтәыла ауааҧсырагьы, атәыла иаҭаауа асасцәагьы иреиҕьу алагылазаара рыднагалоит.
Апроект анагӡараан уаҟа еиқәыршәазаауеит 24 нызқь еиҳаны аусуратә ҭыҧқәа, аргылара ахыркәшара анеҩс, уаҟа аусурҭа роуеит 8 нызқьҩык иреиҳаны. Аилахәыра аполитика инақәыршәаны, апроект аргыларатә усурақәа нарыгӡыоит ақырҭуа аргыларатә еилахәырақәа, уи атәылаҿ абизнессектор аҿиара иацхраауеит. Ари апроект абзоурала, Қырҭтәыла аекономика 11 миллиард лари аиуеит.
Аиҧылара лхы алалырхәит Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвили.