Иракли Кобахиӡе  -  "Аартызаара иазку" азакәан иақәымныҟәо зегьы  25 000 лари ахараҧса ашәара рықәшәоит, иарбанзаалак аиҿкаарак ашәарҭара иҭагылом
Иракли Кобахиӡе  -  "Аартызаара иазку" азакәан иақәымныҟәо зегьы  25 000 лари ахараҧса ашәара рықәшәоит, иарбанзаалак аиҿкаарак ашәарҭара иҭагылом

««Аартызаара иазку» азакәан иџьбарам. Ҭагылазаашьа заҵәык ауп иҟоу  — азакәан иақәымныҟәо зегьы  25 нызқь лари ахараҧса ашәара рықәшәоит», — иҳәеит  Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Кобахиӡе.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, ари аҭагылазаашьа ак ахыуҳәааратәы иҟам, избанзар, ахараҧса ада, иарбанзаалак аиҿкаарак ашәарҭара иҭагылом.

«”Аартызаара иазку” азакәан иақәымныҟәо зегьы  25 000 ахараҧса ашәара рықәшәоит, уаҳа акгьы, егьирахь,  иарбанзаалак аиҿкаарак ашәарҭара иҭагылом. Ламысдарала зхы мҩаҧызго, азакәан иақәымныҟәо зегьы 25 нызқь лари ахараҧса ршәоит, уаҳа акгьы, убри аҟынтә, ари аҭагылазаашьа ак ахыуҳәааратәы иҟам», — иҳәеит  Кобахиӡе.