Иракли Кобахиӡе - Аԥсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ҳажәлар рахь ааԥхьара ҟасҵар сҭахуп. Ампыҵахалатә цәаҳәа ари аганаҿ еснагь гәыкала шәҳадаҳкылоит
Ҳҵакырадгьыл 20% закәандарала импыҵахаланы ишыҟоугьы, ҳара ҧхьаҟацареи азҳареи наҳагӡоит, хылҵ иаҳа иҕәҕәоу, иаҳа аҿиара змоу Қырҭтәылаҿ инхаларцаз аусура наҳагӡоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ЕАР Ассамблеиа Хада 79-тәи асессиаҿы данықәгылоз.
Иракли Кобахиӡе иажәақәа рыла, Қырҭтәыла атәылауаа зегьы рыҧсадгьыл ргәы аздузарц азыҳәан атәыла аиҳабыра ааҧсарак рымамкәа аус руеит.
„Иахьа исымоу алшара схы иархәаны, Аԥсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ҳажәлар рахь ааԥхьара ҟасҵар сҭахуп. Иҟаҳҵо зегьы хықәкык ауп иамоу – мышкы зны ҳареи ҳхылҵи насыҧ змоу, иеиду, аҿиара змоу Қырҭтәылаҿ аицынхара ҳалшароуп. Ҳтәылаҿ ирбгоу ацҳақәа зегьы реиҭашьақәыргылара ҳалшароуп. Ампыҵахалатә цәаҳәа ари аганаҿ еснагь гәыкала шәҳадаҳкылоит“, – иҳәеит аҧыза-министр.