Иракли Кобахиӡе - Аԥсабгьыл абзиабареи ахмеигӡареи рыла зегь реиҳа идуӡӡоу ааԥхьарақәа рыҿагылара, аҭынчра ахьчара, атәыла арӷәӷәара, ихадароу амилаҭтә хықәкқәа рынагӡара ҟалоит
Дидгортәи ақәԥараҿ аиааира агара ақырҭуаа ракзаареи, ргәымшәареи, арратә аҳаҭыри, афырхаҵареи наӡаӡатәи ҿырԥштәуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе “Дидгороба” жәлар рныҳәаҿ данықәгылоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, жәшәышықәса раԥҳьа иаҳгаз “Ӡлеваи саквирвели” (Аиааира ду) адунеи аҭоурых аҿы идуӡӡоу арратә-стратегиатә аиааирақәа иреиуп. Дидгортәи ақәԥара Қырҭтәыла европатәи аидентра аарԥшраҿы ароль хада нанагӡеит.
“Иахьа ҳтәыла аҭоурых аҿы ахадара ду змоу ахҭыс иазгәаҳҭоит. Дидгортәи ақәԥараҿ аиааира агара ақырҭуаа ракзаареи, ргәымшәареи, арратә аҳаҭыри, афырхаҵареи наӡаӡатәи ҿырԥштәуп. 9 шәышықәса раԥҳьа иаҳгаз “Ӡлеваи саквирвели” (Аиааира ду) адунеи аҭоурых аҿы идуӡӡоу арратә-стратегиатә аиааирақәа иреиуп. Дидгортәи ақәԥара Қырҭтәыла европатәи аидентра аарԥшраҿы ароль хада нанагӡеит”, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.
Аԥыза-министр ишазгәеиҭаз ала, аԥсабгьыл абзиабареи ахмеигӡареи рыла зегь реиҳа идуӡӡоу ааԥхьарақәа рыҿагылара, аҭынчра ахьчара, атәыла арӷәӷәара, ихадароу амилаҭтә хықәкқәа рынагӡара ҟалоит.