Иракли Кобахиӡе - 43 акорпусқәа дыргылоит, 1 200-ҩык арратә маҵзуҩцәа ауадақәа роуеит
Апроект дуқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны 43 акорпусқәа дыргылоит, 1 200-ҩык арратә маҵзуҩцәа ауадақәа роуеит 43 акорпусқәа дыргылоит, 1 200-ҩык арратә маҵзуҩцәа ауадақәа роуеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿ.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, убри ала арратә маҵзуҩцәа ҷыдала пату шрықәыҳҵо ааҳарҧшыр ҳҭахуп. Абри аҩыза аинициативақәа арратә маҵзуҩцәеи рҭаацәарақәеи рсоциалтә ҭагылазаашьа еиҕьартәуеит, иаҳа ирацәаны аҿар арратә маҵзура иазҿлымҳахоит, ақырҭуа ар иаҳа иҕәҕәахоит“, – иҳәеит аҧыза-министр.
„Аицалахәызаара апринцип ашьаҭала, арратә маҵзуҩцәа аквадраттә метрк азы 100 адоллар мацара ашәара рықәшәоит, ари ахә ашәаразы зеиҧшҟамлац аҩныҵҟатәи ҿҳәарала аҧара аихшаара рхы иадырхәар рылшоит. Арратә маҵзуҩцәа ауадақәа роуеит рҭаацәара алахәылацәа рхыҧхьаӡара инақәыршәаны, арратә маҵзуҩцәа 50, 80, 110 аквадраттә метр аҵакыра змоу анхарҭақәа роуеит. Ари апроект наҟ-наҟгьы инагӡахоит. Уи ҳтәылахьчара азакәанеидкыла ала иазҧхьагәаҭоуп. Ҳәарада, абри аҩыза аинициативақәа арратә маҵзуҩцәеи рҭаацәарақәеи рсоциалтә ҭагылазаашьа еиҕьартәуеит, аруаа рмотивациа азнарҳауеит, иаҳа ирацәаны аҿар арратә маҵзура иазҿлымҳахоит, ақырҭуа ар иаҳа иҕәҕәахоит, уи ҳара ҳзы аҧыжәара хада змоу аҳасабтәқәа иреиуп“, – иҳәеит аҧыза-министр.