Иракли Кобахиӡе - Қырҭтәыла аиҩызаратә аукраин жәлар ирыдгылоит, ари ажәа мацараӡам, ари шьақәҳарӷәӷәоит аполитикатәи агуманитартәи адгылара ала
Қырҭтәыла аиҩызаратә аукраин жәлар ирыдгылоит, ари ажәа мацараӡам, ари шьақәҳарӷәӷәоит аполитикатәи агуманитартәи адгылара ала, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобазиӡе.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, зықьҩыла украинатәи ауааԥсыра, шәҩыла ахәыҷқәа уахь иналаҵаны, Урыстәыла арратә агрессиа иалаӡит.
„Ҩышықәса раԥҳьа иаҳҩызоу украинатәи ажәлар агәымбылџьбара ду ирықәшәеит. Зықьҩыла украинатәи уааԥсыра, шәҩыла ахәыҷқәа уахь иналаҵаны, Урыстәыла арратә агрессиа иалаӡеит. 10 миллионҩык иреиҳаны иқәҵит, ахҵәара ирықәшәеит. Атәыла аҵакырадгьыл 20 наӡына импыҵахалоуп. Ари, арыцҳара ду аазго аибашьра ихыркәшароуп. Қырҭтәыла аиҩызаратә украинатәи жәлар ирыдгылоит, ари ажәақәа рыла мацара иубарҭам, ари шьақәҳарӷәӷәоит аполитикатәи агуманитартәи адгылара ала. Ҳҩызацәа – украинаа ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, асуверенитет, атерриториатә акзаара”, – иануп Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобазиӡе иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы.