Иракли Кобахиӡе - Аӷарра аҿагыларазы алшара ҳамоуп, ари азы аекономика мацара аҿиара кәым, аҭынчра ахьчароуп иаҭаху
Атәыла аҿиареи ауааԥсыра рынхашьеи рыҩаӡара аарԥшразы акымкәа параметрқәа шьақәгылоуп, аха зегь реиҳа ихадоу арбага аекономикоуп, аҩныҵҟатәи аалыҵ PPP ала иубарҭоуп атәылақәа рҿы анхашьа аҩаӡара зеиԥшруо, – асоциалтә каҭаҿы иҩит “Ақырҭуа гәахәтәы” алидер Иракли Кобахиӡе.
“Жәларбжьаратә авалиутатә фонд адыррақәа рыла, Германтәылеи Швециеи Қырҭтәыла аҵкыс хынтә еиӷны инхоит, Франциа – 2,5-нтә. Қырҭтәыла аҵкыс 60% еиӷьны инхоит Урыстәыла ауааԥсыра, 50% аҵкыс еиӷны – Болгариа. Қырҭтәыла аҭагылазаашьа Евроеидгыла алаларазы акандидат тәылақәа – Аҩадатәи Македониеи, Босниеи, Албаниеи, Молдовеи, Украинеи, Азербаиџьани Шәамахьтәылеи раҵкыс еицәоуп.
Аха Қырҭтәылеи аԥхьагылара змоу атәылақәеи рынхашьа аҩаӡара аиԥшымра хәыҷы-хәыҷла маҷхоит.
Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд адыррақәа рыла, 2012 шықәсазы Германтәылеи Швециеи Қырҭтәыла аҵкыс 4,5-нтә еиӷьны инхон, Франциа – 4-нтә, Урыстәылеи Болгариеи рҿы аҭагылазаашьа 148%-и 67%-и рыла еиӷьын.
Иара убас, Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд адыррақәа рыла, 2012 шықәса еиҿҳарԥшыр, 2023 шықәсазы Қырҭтәыла аекономика арбагала адунеи 30 тәыла раҵкыс аԥхьагылара аман, 110-тәи аҭыԥ аҟынтә ҳтәыла 79-тәи аҭыԥ ахь ииасит.
Ари иаанагоу акоуп – Қырҭтәыла аҿиара нанагӡоит”, – иҩит Кобахиӡе.