Иракли Кобахиӡе - 2030 шықәсазы Қырҭтәыла Евроеидгыла шалало агәра згоит, Евроеидгыла алахәызаара Қырҭтәыла адәныҟатәи аполитика ихадароу приоритетуп
2030 шықәсазы Қырҭтәыла Евроеидгыла шалало агәра згоит, Евроеидгыла алахәызаара Қырҭтәыла адәныҟатәи аполитика ихадароу приоритетуп, – асоциалтә каҭаҿы иҩит Қырҭтәла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизаҟазаашьақәа рҿы иҟоу, Евроеидгыла амҩаҿ иҟоу ауадаҩрақәа зегьы иҭыԥқәҵахоит.
“1950 шықәса лаҵара 9 рзы анапы аҵаҩын Шуман идекларациа, уи ала ишьаҭаркын Евроеидгыла. Аҩбатәи адунеитә еибашьра ашьҭахь, Европа шьаҭас аҭан адемократиеи, азин аиҳаӡареи, ауаҩытәыҩса изинқәеи, арҭ ахырхарҭақәа рҿы Евроеидгылеи уи аинститутқәеи ралагала дууп.Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизаҟазаашьақәа рҿы иҟоу, Евроеидгыла амҩаҿ иҟоу ауадаҩрақәа зегьы иҭыԥқәҵахоит.
2030 шықәсазы Қырҭтәыла Евроеидгыла шалало агәра згоит, Евроеидгыла алахәызаара Қырҭтәыла адәныҟатәи аполитика ихадароу приоритетуп”, – иҩит Қырҭтәла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе.