Иракли Кобахиӡе – 2030 шықәсанӡа ҳара Евроеидгыла ҳалалоит, аха, ҳаҭырла, ақьырсианреи, ауахәамеи, аморали, ахьыҧшымреи, асуверинитети пату рықәҵаны

20:47, 23.10.2024

Евроеидгыла аполитикцәеи ачынуааи рҟынтә лассы-лассы иҳаҳауа аиашамра Европа ианаалом, ақьырсиантә принципқәа мап рыцәкреи ЛГБТ-пропагандеи  Европа ианаалом, аартымзаареи егьырҭ рхьыҧшымра атәамбареи Европа ианаалом, — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе   «Ақырҭуа гәахәтәы» алхраҧхьатәи кампаниа аихшьаалатә уснагӡатә аҿы данықәгылоз.

«2030 шықәсанӡа ҳара Евроеидгыла ҳалалоит, аха, ҳаҭырла, ақьырсианреи, ауахәамеи, аморали, ахьыҧшымреи, асуверинитети   пату рықәҵаны. Европаҟа ҳаҭырла мацарала  –  уи ҳаҭыр зқәу Биӡина Иванишвили ишьаҭеикыз политикоуп, уи азыҳәан даҽазнык ҭабуп ҳәа иасҳәоит», — иҳәеит  Кобахиӡе.

 

Еиԥшу