Иракли Кобахиӡе - 2030 шықәсанӡа ҳара Евроеидгыла ҳалалоит, аха, ҳаҭырла, ақьырсианреи, ауахәамеи, аморали, ахьыҧшымреи, асуверинитети пату рықәҵаны
Евроеидгыла аполитикцәеи ачынуааи рҟынтә лассы-лассы иҳаҳауа аиашамра Европа ианаалом, ақьырсиантә принципқәа мап рыцәкреи ЛГБТ-пропагандеи Европа ианаалом, аартымзаареи егьырҭ рхьыҧшымра атәамбареи Европа ианаалом, — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе «Ақырҭуа гәахәтәы» алхраҧхьатәи кампаниа аихшьаалатә уснагӡатә аҿы данықәгылоз.
«2030 шықәсанӡа ҳара Евроеидгыла ҳалалоит, аха, ҳаҭырла, ақьырсианреи, ауахәамеи, аморали, ахьыҧшымреи, асуверинитети пату рықәҵаны. Европаҟа ҳаҭырла мацарала – уи ҳаҭыр зқәу Биӡина Иванишвили ишьаҭеикыз политикоуп, уи азыҳәан даҽазнык ҭабуп ҳәа иасҳәоит», — иҳәеит Кобахиӡе.