Иракли Кобахиӡе - 2030 шықәса анҵәамҭанӡа афымца ааглыхра арбага афымца ахархәара арбага аасҭа еиҳазароуп
Қырҭтәыла ҧхьаҟацареи атәыла аекономикатә аҿиареи аҿы аенергетикатә сектор аҕәҕәара аҵакы ҷыда амоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аенергетик имш инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы аенергетикатә сектор ахаҭарнакцәа рзанааҭтә амш рыдныҳәаланы, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ари аусхкы аҿы иҟоу ақәҿиарақәа дырзааҭгылеит.
Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, 2012 шықәса ашьҭахь агенерациатә обиектқәа рхыҧхьаӡара акырӡа иацлеит, афымцамҩангагатә агазмҩангагатәи инфраструктура еиҕьхеит.
„2012-2024 шықәсқәа рзы 66 афымцатә станциақәа иргылан, зынӡа урҭ рызынтәгьы 1255 мгвт. Афымца ааглыхра рылшоит. Ҳара амбициатә хықәкы ҳамоуп, 2030 шықәса анҵәамҭанӡа Қырҭтәыла, афымца аганахьала, ахатә ҭахрақәа зегьы рынагӡара зылшо тәылас иҟалар ҳҭахуп, аха, убри азыҳәан, афымца ааглыхра арбага афымца ахархәара арбага аасҭа еиҳазароуп. Агәра ганы сыҟоуп шәара шәыцхыраарала абри ахықәкы қәҿиарала ишынаҳагӡо“, – иҳәеит аҧыза-министр.
Иара убас, аиҳабыра рнапхгаҩы ишиәҳаз ала, 2025 шықәса анҵәамҭанӡа даҽа 400 раҟара анхарҭатә пунктқәа аҧсабаратә газла еиқәыршәазаауеит, уи абзоурала, даҽа 57 нызқь абонентцәа аҳа иалахәызаауеит.