Иракли Кобахиӡе - 2025 шықәса ацәымҕра аҧыхреи абзиабара аиааиреи шықәсны иҟалар сҭахуп, уи ауп зегьы реиҳа ихадоу
Ишәыдысныҳәалоит Ашықәс Ҿыц!
Ҳтәыла ахылҵ цыҧхьаӡа, Аҧсни Самачаблои ирықәынхо ауааҧсыра зегьы, аҳәаанырцә иҟоу ҳаитәылауаа, шәызынтәгьы Ашықәс Ҿыц шәыдысныҳәалоит!
2024 шықәсазы ҳтәылаҿы ауадаҩрақәа рацәан. Қырҭтәыла, еиҭах, аҭынчреи, ахьыҧшымреи, амилаҭтә ҷыдарақәеи разықәҧара ақәшәеит; ҳтәыла аҳәаанырцәынтә иҳаладырҵәаз ацәымҕра иаҿагыланы ақәҧара ақәшәеит.
Аха, 2024 шықәсазы Қырҭтәыла абарҭ ақәҧарақәа зегьы рҿы аиааира агеит, абри ауп ихадоу. Жьҭаара 26 рзы имҩаҧгаз ареферендум аҿгьы Қырҭтәыла аиааира агеит, уи аҽны ақырҭуа жәлар ахақәиҭреи, ахьыҧшымреи, аҭынчреи, аҳаҭыри, мышхәыбзазареи, Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш лашеи ҕәҕәала иадгылеит!
Иҳаҩсыз ашықәсқәа раан еиҧшҵәҟьа, 2024 шықәсазгьы Қырҭтәыла ақәҿиарақәа ауаа рацәа ирыбзоуроуп.
Арҵаҩцәа, аҵарауаа, аҟазаҩцәа, аҳақьымцәа, анхаҩцәа, афермерцәа, аусуҩцәа, ааглыхыҩцәа, аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа, азанааҭқәа зегьы рхаҭарнакцәа, шәара шәызынтәгьы ҳаҧсадгьыл ақәҿиарақәа рҿы алагала ду ҟашәҵоит.
Ауадаҩрақәа шырацәазгьы ҳтәыла ахақәиҭреи, ахьыҧшымреи, ақәҿиарақәеи иахьанӡа иаазгаз ҳаиҳабацәа ишәыдысныҳәалоит.
Ҳҿар Ашықәс Ҿыц рыдысныҳәалоит, шәара, шәҵара бзиеи шәпатриотизми рыла Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш лаша еиқәшәыршәароуп.
Аруааи, аполициацәеи, аӡбаҩцәеи, апрокурорцәеи, ашәарҭадаратә структурақәа рхаҭарнакцәеи ҷыдала ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп, ихьыҧшым ақырҭуа ҳәынҭқарра ахақәиҭреи аҕәҕәареи шәара шәоуп изхьыҧшу. Ҳаҧсадгьыл гәыкала амаҵ ахьыжәуа азыҳәан ҭабуп ҳәа шәасҳәоит.
Ҷыдала ҳраҭабууп ҳуахәамеи, Қырҭтәыла Акаталикос-Патриархи, адоуҳатә хаҿқәеи, дара ақырҭуа амилаҭтә принципқәеи аҷыдарақәеи реиқәырхареи рыхьчареи аус аҿы хәы змам алагала ҟарҵеит. Арелигиатә конфессиақәа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит атрадициатә принципқәа рыхьчаразы.
2024 шықәса ақәҿиара дуқәа ҳзаанагеит. Ҳақәҿиарақәа зегьы реиҳа ибзианы иубарҭан аспорттә аиааирақәа рҿы. Аҭоурыхаҿ раҧхьаӡа акәны, Қырҭтәыла амилаҭтә ашьапылампылтә аизга Европа ачемпионат иалахәын, ҳаҷкәынцәа хашҭра зқәым амшқәа ҳамҭас иҳарҭеит. Иқәыҧшу ашьапылампыласҩцәагьы абри аҩызаҵәҟьа ақәҿиара рыман. Аҭоурыхаҿ зеиҧшҟамлац алҵшәа рыман ақырҭуа олимпицәеи апаралимпицәеи. Зҵак дуӡӡоу аиааирақәа ҳзааргеит ақырҭуа амҵәышәампыласҩцәеи, арегбистцәеи, аӡымпыласҩцәеи, анапымпыласҩцәеи. 2024 шықәса аспорт ахкқәа зегьы рҿы ақәҿиара ду ҳзаанагеит.
Абри зегьы даҽазнык иҳгәаланаршәоит ақырҭуа ген шыҕәҕәоу, уи ҷыдала ишыхьчатәу.
2024 шықәса аекономикатә аҿиара аганахьалагьы ақәҿиара ду ҳзаанагеит. Иакымкәа зҵакы дуу апроектқәа мҩаҧган, арҭ апроектқәа Қырҭтәыла иаҳа еиҕьу аҧеиҧш аиқәыршәаразы ашьаҭа ҕәҕәа ҳарҭоит.
Агәра ганы сыҟоуп 2025 шықәса иаҳа ирацәаны ақәҿиарақәа шаҳзаанаго. 2025 шықәса ацәымҕра аҧыхреи абзиабара аиааиреи шықәсны иҟалар сҭахуп, уи ауп зегьы реиҳа ихадоу. Ақырҭуаа бзиа ианеибабо, дарбанзаалак адәныҟатәи аҕа дҳазиааиуам.
Даҽазнык ишәыдысныҳәалоит Ашықәс Ҿыц, иааиуа Қьырса аныҳәа дугьы шәыдысныҳәалоит! 2025 шықәсазы агәабзиареи, мышхәыбзазареи, абзиабареи, абзиареи, аиааира дуқәеи шәзеиҕьасшьоит!
Қырҭтәыла Анцәа дахылаҧшааит! Шәҭаацәарақәа Анцәа илҧха рыгымзааит!