Иракли Кобахиӡе  - 2012 шықәсанӡа Қырҭтәыла  иргылан 68 километр автомагистраль лас, 2012 шықәса ашьҭахь  315 километр автомагистраль лас иргылоуп
Иракли Кобахиӡе - 2012 шықәсанӡа Қырҭтәыла иргылан 68 километр автомагистраль лас, 2012 шықәса ашьҭахь 315 километр автомагистраль лас иргылоуп

 

Аҧыза-министр Гыртәыла-Григолеҭи амагистраль ацыҧҵәаха ҿыц ааиртит.

Қырҭтәыла ауникалтә, стратегиатә ҭыҧаҿ ишьҭоуп, ҳтәыла, ҭоурыхла, еснагь Европеи Азиеи еиднаҳәалон, зҵакы дуу атранзиттә функциа ҳаман, убри аҟынтә, ҳара ҳзы ахадаратә ҵакы змоу аҳасабтәқәа иреиуп абри атрадициатә, аҭоурыхтә функциа аиҭашьақәыргылара, абри ахықәкы анагӡаразы амагистраль лас аргылара аҵакы ҷыда амоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Гыртәыла-Григолеҭи амагистраль иаҵанакуа 8 километртәи ацыҧҵәаха аартра иазкыз аусмҩаҧгатә аҿы данықәгылоз.

4 цәаҳәак змоу, 3 ацҳа ҿыцки атранспорттә 2 ҭыҧхадаки ахьеиҿкаау, ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу амҩа ҿыц еицаадыртит аиҳабыра рнапхгаҩи аинфраструктура аминистр Реваз Сохаӡеи.

Иракли Кобахиӡе ари апроект Ланчхуҭии уи иаҧну аҵакырадгьыли ирықәынхо ауааҧсыра рзы ҵакыс иамоу азгәаҭаны, ишиҳәаз ала, аҭыҧантәи ауааҧсыра иаҳа иҭынчу, иаҳа ишәарҭам аҭагылазаашьа рзеиқәыршәоуп, аныҟәаразы иаҳа имаҷны аамҭа рҭаххоит, ауаа комфортла аиҭаҵра рылшоит.

“Сынтәа ҳара зҵакы дуу Рикоҭтәи ацыҧҵәаха ааҳартит  – Рикоҭи иакәшаны ицо амҩа. Иахьа иааҳартуа  8 километртәи ацыҧҵәаха Гыртәыла-Григолеҭи 12 километртәи амҩа хәҭак ауп. Аусурақәа активла инагӡахоит, хара имгакәа ари аҵыҧҵәаха зегьы аргылара хыркәшахоит. Иахьазы атәылаҿы иҳаргылахьеит  383 километр амагистральтә мҩа.  2012 шықәсанӡа Қырҭтәыла зынӡа иргылан 68 километр автомагистраль лас. 2012 шықәса ашьҭахь  315 километр автомагистраль лас иргылоуп. Насгьы, даҽак иазҧхьагәаҭатәуп, араҟа ҳаиҳабыра, лымкаала, аинфраструктура аминистрра, иуадаҩӡоу аҵыҧҵәахақәа рыргылара рықәшәеит. Абарҭ ацифрақәа ибзиаӡаны иаадырҧшуеит аиҧшымра шдуу, ҳара ари азҵаара ҳшазныҟәо. Хара имгакәа, Мрагылара – Мраҭашәаратә амагистраль лас акорридор зегьы аргылара хыркәшахоит. Аҵыҧҵәахара наӡа ауп ҳазлацәажәо, Ацҳа ҟаҧшь инаркны Сарҧи аҟынӡа. Ҳара аконкреттә план ҳамоуп, уи ала иазҧхьагәаҭоуп анеҩстәи ашықәсқәа рзы атәыла зехьынџьара амагистраль лас аҵыҧҵәахақәа зегьы рыргылара ахыркәшара”, – ихәеит Иракли Кобахиӡе.

Аҧыза-министр абри аҩыза апроектқәа рынагӡараҿы апартниорцәа инарыгӡо ароль азгәаҭаны, Европа Аинфестициатә банк анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ари апроект қәҿиарала анагӡаразы ҷыдала ҭабуп ҳәа реиҳәеит аинфраструктура аминистр Реваз Сохаӡеи, аминистрреи, Автомобилтә мҩақәа рзы адепартаменти, апроект анагӡара иалахәыз аргылаҩцәеи аинџьнырцәеи.

Амҩа аартра инамаданы имҩаҧгаз аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит Қырҭтәыла аиҳабыреи апарламенти рылахәылацәеи, Гуриа арегионаҿ аҳәынҭқарра ахаҭарнаки, аҭыҧантәи анапхгара ахаҭарнакцәеи.