Иракли Кобахиӡе Ҭырқәтәылатәи ареспубликаҿы иофициалтә визит иалагеит
Иракли Кобахиӡе Ҭырқәтәылатәи ареспубликаҿы иофициалтә визит иалагеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Ҭырқәтәылатәи ареспубликаҿы иофициалтә визит иалагеит/

Қырҭтәыла аиҳабыра адыррақәа рыла, Анкаратәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ Қырҭтәыла аҧыза-министр Ҭырқәтәылатәи ареспублика Атранспорти аинфраструктуреи рминистр Абдулқадыр Ералоӷлуи егьырҭ аофициалтә хаҿқәеи дырԥылеит.

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа, Ҭырқәтәыла ахада ихан аҟны аиҳабыра рнапхгаҩы иԥылара аофициалтә церемониа мҩаԥысуеит. Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Ҭырқәтәылатәи ареспублика ахада Реџьеп Таип Ердоҕан диҧылоит. Аиҧылара ашьҭахь атәылақәа рхадацәа амедиазы аҳәамҭақәа ҟарҵоит. Ҭырқәтәыла ахада иҟны аиҧылара иалагаанаӡа, Иракли Кобахиӡе аиԥылара иҭбаау аформат аҿы мҩаԥигоит.

Ҭырқәтәыла аҧыза-министр аиҳабыратә делегациа ицуп, аделегациа иалоуп: Актәи авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвили, авице-аҧыза, Қырҭтәылa  Атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовани, Қырҭтәылa Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили, Қырҭтәылa Аҵaреи aҵaрaдырреи, аҿари рминистр Гьаргь Амилахвари, Қырҭтәылa Импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи, aсоциaлтә хьчaреи рминистр Михеил Сарџьвелаӡе, ҷaрaтәи aвтономтә республикa aиҳaбырa рхaнтәaҩы Ҭорнике Рижвaӡе, иҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиани.