Иракли Кобахиӡе, Ҭырқәтәыла иҟалаз арыцҳара иадҳәаланы, ахада Ердоҕани аҭырқәа жәлари дрыдашшылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе, Ҭырқәтәыла ашьхаҳаракыратә курортаҿ иҟалаз арыцҳара иадҳәаланы, Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕани аҭырқәа жәлари дрыдашшылеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иҭахаз ауаа руацәа дрыдашшылеит.
«Ашьхаҳаракыратә курорт Карталкаи иҟалаз арбгаратә абылра ахьаа ду ҳазцәырнагеит. Ахада Евроҕан адгылара ҕәҕәа изаасырҧшыр сҭахуп. Иҭахаз ауаа ҳрыдашшылоит, аҭырқәа жәлар ҳрыдгылоит», — иҩит Иракли Кобахиӡе асоциалтә аҳа X аҿы.
Иахьа, Ҭырқәтәыла, ашьхаҳаракыратә курорт Карталкаи аҿы абылра ҟалеит. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, 66ҩык ҭахеит, 51ҩык ахәрақәа роуит.