Иракли Каркашаӡе – Аҧыза-министр идҵа хәҭак инагӡоуп,  "Евро-2024" аҿы Қырҭтәыла аизга аматчқәа рзы қәҭешьтәи аҳаирбаҕәазантә Wizz Air авиабилеҭқәа рыҭира иалагахьеит
Иракли Каркашаӡе – Аҧыза-министр идҵа хәҭак инагӡоуп,  "Евро-2024" аҿы Қырҭтәыла аизга аматчқәа рзы қәҭешьтәи аҳаирбаҕәазантә Wizz Air авиабилеҭқәа рыҭира иалагахьеит

 

«”Евро-2024″ аҿы Қырҭтәыла аизга аматчқәа рзы қәҭешьтәи аҳаирбаҕәазантә ахарҭәааратә реисқәа мҩаҧгахоит ишьақәыргылоу ахә ала.

Аҧыза-министр идҵа иашьашәаланы, Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрраҟны аусеицурала, Қырҭтәыла Аҳаирбаҕәазақәа реидгыла  зыҧшра ҟамҵакәа, жәларбжьаратәи, иара убас, ақырҭуеи авиаеилахәырақәа рҟны аиҿцәажәарақәа иалагеит Қырҭтәылантә Германтәылаҟа ареисқәа рхыҧхьаӡара аизырҳаразы.  Қырҭтыла аизга Европа ачемпионатаҿ ианыхәмаруа аамҭазы ачартертә реисқәагьы мҩаҧгахоит», — иануп Қырҭтәыла Аҳаирбаҕәазақәа реидгыла аҳәамҭаҿы.

Қырҭтәыла Аҳаирбаҕәазақәа реидгыла адиректор иҳәамҭала, раҧхьатәи аетапаан  Wizz Air қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазантә Германтәылаҟа  даҽа ф-реиск ацнаҵоит. Иара иажәақәа рыла, иахаҭҭар, иҵегьы ареисқәа мҩаҧыргоит. Каркашаӡе иҳәамҭала, ганк ахырхарҭала абилетқәа рыҭира иалагахьеит авиаеилахәыра асаит аҿы, ашьақәыргылоу ахә ала –  199 евро ҳәа.