Иракли Кадаҕишвили – Урыстәыла бзиарак ҟанаҵоушәа аадырҧшыр рҭахуп, аха, аполиткиатә ганахьала Қырҭтәыла иаҧырхагоу ашьаҿақәа ҟарҵоит, ҳара ҳпартниорцәа мацара аус рыдааулоит
«Ҳара урыстәылатәи аџьармыкьа аартра уажәы ҳалагазшәа аӡәгьы игәы иаанамгааит. Украина аибашьра иалагаанӡагьы ҳареи Урыстәылеи ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа ҳабжьан», — иҳәеит апроцедуртә зҵаарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Иракли Кадаҕишвили.
«Аамҭакала, ақырҭуа бизнес аинициатива аџьармыкьа адиверсификациа акәын изызкыз. Убри аҟынтә, уажәы акәымкәа, хышықәса раҧхьа аиҿцәажәарақәа иалагеит. Усҟан Урыстәыла ақырҭуа аалыҵ азы ахатә џьармыкьа аанамыртит, уажәы аџьармыкьа аартразы аполитикатә аӡбара рыдыркылеит. Депутатцәақәак аҧыррақәа реиҭашьақәыргылара иахәҭазар ҟалап ҳәа рҳәеит. Дара рган аҟынтә аибарххара аизырҳаразы иҵегьы имаҷымкәа ашьаҿақәа ҟалоит. Убри аҟынтә, Урыстәыла бзиарак ҟанаҵоушәа аадырҧшыр рҭахуп, аха, аполиткиатә ганахьала Қырҭтәыла иаҧырхагоу ашьаҿақәа ҟарҵоит. Урыстәыла ҳаҧхьаҟагьы абри аҩыза ашьаҿақәа ҟанаҵоит, аха, уи иаанагом ҳаргьы абасҵәҟьа иҟаҳҵоит ҳәа. Ҳара ҳпартниорцәа мацара аус рыдааулоит. Атәыла аинтересқәа рыхьчара азгьы», — иҳәеит Кадаҕишвили.
Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла иҵегьы имаҷымкәа аполитикатә провокациатә шьаҿақәа ҟанаҵар ауеит.