Иракли Ҕарибавшили "Сокар" ахада Ровнаг Абдулаев диҧылеит
Иракли Ҕарибавшили "Сокар" ахада Ровнаг Абдулаев диҧылеит

Қырҭтәыла Аҧызаминистр Иракли Ҕарибавшили Азербаиџьан аҳәынҭқарратә анефҭеилахәыра  “Сокар ахада Ровнаг Абдулаев диҧылеит.

Аиҧылараҿы Сокар ала Қырҭтәыла имҩаҧгаз аинвестициатә проектқәа ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәылеи азербаиџьантәи анефҭеилахәыреи қәҿиараала аус еицыруеит.  Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара ихы алаирхәит Socar Energy Georgia агенералтә директор Маҳир Мамедов.