Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕани ҭелла еицәажәеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр ипресс-маҵзура.
Аҧыза-министр Қырҭтәыла аиҳабыреи ақырҭуа жәлари рыхьӡала Ҭырқәтәыла ахада даҽазнык дидашшылеит абылра амшала Ҭырқәтәыла ауаа рҭахара иадҳәаланы.
Ҭырқәтәыла ахада Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы адгыларазы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.
Аҧыза-министр иашьашәалоу аусбарҭақәа адҵа риҭеит иаҭаххар астратегиатә партниор — Ҭырқәтәылатәи ареспублика иацхраарц.
Аҭелтә аиҿцәажәара аан, аганқәа рхаҭарнакцәа, Иракли Ҕарибашвили рашәара 1 азы Анкара имҩаҧигаз авизитгьы иазааҭгылеит. Ҭырқәтәыла ахада Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы даҽазнык Ҭырқәтәылаҟа ааҧхьара иҭеит.
Иара убас, аиҧылара алахәылацәа, хганктәи аусеицура Азербаиџьан – Қырҭтәыла – Ҭырқәтәыыла аформат иамоу аҵаки аперспективақәеи ирылацәажәеит.