Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Германтәыла аканцлер Олаф Шольци ҭелла еицәажәеит.
Аганқәа ҷыдала азхьаԥшра арҭеит Еврокомиссиа аднакылаз аӡбара.
Германтәыла афедералтә канцлер ахәшьара ҳарак аиҭеит Қырҭтәыла амоу апрогресс.
Аиҳабыра рнапхгаҩы Олаф Шольц Евроеидгыл абжьагарақәа римплементациа апроцесс аҿы ацхыраара дуи адгылареи рзы иҭабуп ҳәа иаиҳәеит.
Аканцлер ишазгәеиҭаз, Германтәыла Евроеидгыла амҩаҿ Қырҭтәыла адгылара нанагӡоит.
Иракли Ӷарибашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәыла анапхгара нанагӡоит иманшәаланы иалагаз абжьагарақәа рынагӡара апроцесс.