Иракли Ҕарибашвили Жозеп Боррель уаххьаҿы дидикылеит
Иракли Ҕарибашвили Жозеп Боррель уаххьаҿы дидикылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қарҭ иҟоу Адәныҟaтәи aусқәеи aшәaрҭaдaрa aполитикеи aзҵaaрaқәa рзы Евроеидгылa иреиҳaӡоaу aхaҭaрнaк, Еврокомиссиa aвице-aхaдa Жозеп Боррель уаххьаҿы дидикылеит. Ари аарыцҳаит аԥыза-министр ипрессмаҵзура аҟынтә.

Асас иаҳаҭыр аҟынтә уаххьа мҩаҧган Мҭаҵминдаҿы.

„Аиҳабыра рнапхгаҩи Адәныҟaтәи aусқәеи aшәaрҭaдaрa aполитикеи aзҵaaрaқәa рзы Евроеидгылa иреиҳaӡоaу aхaҭaрнaки Қырҭтәыла Евроинтеграциа апроцесс  иформалым аҭагылазаашьаҿ иахцәажәеит”, – иазгәаҭоуп аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа аҿы.

Адәныҟaтәи aусқәеи aшәaрҭaдaрa aполитикеи aзҵaaрaқәa рзы Евроеидгылa иреиҳaӡоaу aхaҭaрнaк, Еврокомиссиa aвице-aхaдa Жозеп Боррель Қарҭ цәыббра 7 рзы даҭааит.

Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили диҧылоит. Аиҧылара ашьҭахь аганқәа рхаҭарнакцәа апресс-конференциа мҩаҧыргоит.