Иракли Ҕарибашвили – Жәларбжьаратәи ауаажәларра, адунеи зегьы, еидгыланы, иаҭаху зегьы ҟарҵароуп зыҧшра ҟамҵакәа аибашьра аанкыларазы
«Жәларбжьаратәи ауаажәларра, адунеи зегьы, еидгыланы, иаҭаху зегьы ҟарҵароуп Украина зыҧшра ҟамҵакәа аибашьра аанкыларазы», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.
Иара иажәақәа рыла, Украина агуманитартә цхыраара аҭара нагӡатәуп, ари азҵаара аҵакы ду амоуп.
«Украинаҿ Урыстәылатәи агрессиа даҽазнык сазааҭгылар сҭахуп. Ҳара ҳазынтәгьы уи ҳақәыӡбароуп. Жәларбжьаратәи аиҩызара, адунеи зегьы, еидгыланы, иаҭаху зегьы ҟарҵароуп Украина зыҧшра ҟамҵакәа аибашьра аанкыларазы. Иазгәасҭар сҭахуп сара адунеи алидерцәа иҟарҵаз ааҧхьара сшақәшаҳаҭу, ҳтәылауаагьы ирдыруазар сҭахуп, сара сзы, ҳазынтәгьы ҳзы атәылауаҩ цыҧхьаӡа иҧсҭазаара аҵакы ҷыда шамоу. Ҳара шәкыла атонна агуманитартә цхыраара дәықәаҳҵеит, зеиҧшҟамлац ала Украинеи аукраин жәлари ҳрыцхрааит. Агуманитартә процесс наҳагӡароуп, агуманитартә цхыраарала адгылара рзааҳарҧшыроуп», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.