Иракли Ҕарибашвили  - Жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалоу, зхы иақәиҭу, иаарту алхрақәа рымҩаҧгаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит
Иракли Ҕарибашвили - Жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалоу, зхы иақәиҭу, иаарту алхрақәа рымҩаҧгаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит

Жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалоу, зхы иақәиҭу, иаарту алхрақәа рымҩаҧгаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Амилаҭ-демократиатә институти  (NDI) Жәларбжьаратәи ареспубликатә институти (IRI) ахаҭарнакцәа данырҧылоз.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала,  2012 шықәса инаркны атәыла анапхгара фынтә алхрақәа мҩаҧыргеит,  абарҭ алхрақәа рызынтәгьы жәларбжьаратәи ауаажәларра рыла иазхаҵан зхы иақәиҭу адемократиатә алхрақәа раҳасабала. Иракли Ҕарибашвили иажәақәа рыла,  Қырҭтәыла аиҳабыра жәларбжьаратәи апартниорцәа ираҭабууп дара иаадырҧшуа азҿлымҳареи,  адгылареи,  Қырҭтәыла адемократиатә институтқәа рконсолидациа апроцесс аҿы рылахәызаареи азыҳәан.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Амилаҭ-демократиатә институти жәларбжьаратәи ареспубликатә институти ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит  аглобалтә пандемиа шыҟоугьы аҭыҧантәи амуниципалтә алхрақәа рахь анаҧшцәа раашьҭразы,  иара ишазгәеиҭаз ала,  жәларбжьаратәи апартниорцәа Қырҭтәыла алхратә система аиҕьтәра апроцесс аҿы хәы змам аалагала ҟарҵеит.

Аҧыза-министр иҳәамҭала,  атәыла аиҳабыра,  ҵыҧх еиҧшҵәҟьа,  сынтәагьы, Агәабзиарахьчара аминистрра абжьагарақәа иазҧхьагәаҭаны,  COVID аганахьала ишәарҭам алхрақәа рымҩаҧгара еиқәдыршәоит.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала,  аҭыҧантәи амуниципалтә алхрақәа аҵакы ду рымоуп Қырҭтәыла адемократиатә аҿиареи европатәи евроатлантикатәи интеграциа апроцесс аҿы апрогресси азы,  убри аҟынтә,  азҵаарақәеи аполитикатә спекулиациақәеи ҟамларцаз,  атәыла анапхгара апартиақәа зегьы еиҟароу аҭагылазаашьақәа рзеиқәдыршәоит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иаҵшьны иазгәеиҭеит астратегиатә партниор – Америка Қырҭтәыла иазаанарҧшуз ҩ-партиактәи адгылара,  иара ишиҳәаз ала,  америкатәи европатәи апартниорцәа рҟны аусеицура ала,  Қырҭтәыла крызҵазкәа ашьаҿақәа ҟанаҵоит адемократиатә институтқәа рырҕәҕәареи аплиуралисттә инклиузивтә политикатә лагылазаара аиқәыршәареи азыҳәан.

Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит Амилаҭ-демократиатә институт авице-аҧыза инапынҵақәа назыгӡо Никол Роузели,  аҭынчреи,  аимакқәеи,  ашәарҭадареи азҵаарақәа рзы абжьагаҩ еиҳабы Лорен ван Метри,  Евразиа арегион алхратә программақәа рзы адиректор Пет Мерлои,  Қырҭтәылатәи аофис адиректор Алан Гилами; Жәларбжьаратәи ареспубликатә институт аҟынтә   – авице-ахада Скот Мастики,  Евразиа апрограммақәа рзы адиректор Стивен Ниқси,  Қырҭтәылатәи аофис адиректор  Џьон Дипирои. Ақырҭуа аган аҟынтә аиҧылара ихы алаирхәит аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аиҳабы Илиа Дарчиашвили.