Иракли Ҕарибашвили Хазхаҭалатәи адыррақәа рыхьчара амаҵзуреи Аусеилыргаратә маҵзура ҷыдеи рнапхгаҩцәа рзы акандидатцәа иқәиргылеит  
Иракли Ҕарибашвили Хазхаҭалатәи адыррақәа рыхьчара амаҵзуреи Аусеилыргаратә маҵзура ҷыдеи рнапхгаҩцәа рзы акандидатцәа иқәиргылеит  

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Хазхаҭалатәи адыррақәа рыхьчара амаҵзуреи Аусеилыргаратә маҵзура ҷыдеи рнапхгаҩцәа рзы акандидатцәа иқәиргылеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иҟаиҵаз ааҧхьара абиуро иахьатәи аилатәараҿы ироуит. Аҧыза-министр Хазхаҭалатәи адыррақәа рыхьчара амаҵзура анапхгаҩы иҭыҧ азы Ҭамар Алфаиӡеи  Лела  Џьанашвилии ркандидатурақәа иқәиргылеит, Аусеилырагаратә маҵзура ҷыда анапхгаҩы иҭыҧ азы – Карло Кацитаӡеи Емзар Гагниӡеи ркандидатурақәа.

Абиуро аилатәараҿы зыӡбахәы ҳәоу акадртә аӡбара далацәажәеит апарламент ахантәаҩы.   Шьалуа  Папуашвили  апарламенттә фракциақәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит ари азҵаара рыхшыҩ азышьҭны  иахәаҧшырц.

Апарламент акандидатцәа ирызкны ахатә аӡбара аднакылароуп. Аӡбара адкыларазы  76ҩык адепутатцәа рбыжьқәа аҭахуп. Зыӡбахәы ҳәоу амаҵзурақәа аҧҵоуп ҭагалантәи асессиаҿы апарламент ала иаҧыхыз Аҳәынҭқарратә инспектор имаҵзура абазаҿы.