Иракли Ҕарибашвили Узбекистантәи ареспублика ахада диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Узбекистантәи ареспублика ахада диҧылеит

Атранспорт-логистикатә усхкы аҿы ҩ-тәылак русеицура ахырхарҭала иҟоу апотенциали ахәаахәҭра-економикатә усхкы аҿы аусеицура арҭбаара аҵаки иалацәажәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Узбекистан ахада Шавкат Мирзиоеви реиҧылараҿы. 

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, аполитикатәи аекономикатә еизыҟазаашьа ҕәҕәақәа иазҧхьагәаҭаны, Қырҭтәыла Узбекистан иахәаҧшуеит зҵакы дуу, зыгәра угаша апартниорс мацара акәымкәа, аиҩызаратә тәыла ҳасабалагьы.  Аҧыза-министр Узбекистан ахада адкылара бзиа азы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, иара ианизыманшәалоу аамҭазы Қырҭтәылаҟа дааиҧхьеит.