Иракли Ҕарибашвили Венгриа авице-аҧыза диҧылеит 
Иракли Ҕарибашвили Венгриа авице-аҧыза диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Венгриа авице-аҧыза Жолт Шемиен диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак русеицура иалацәажәеит, ари аганахьала иалкаан ахәаахәҭра-економикатә усхкы. Иара убас, аимадарақәа рырҭбаара ахьыҟало ахырхарҭақәа ирзааҭгылеит.

Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәылеи Венгриеи реизыҟазаашьақәа шыҕәҕәоу убарҭоуп ҵыҧх атәылақәа ирыбжьарҵаз Астратегиатә усеицура иазку азеиҧш декларациа алагьы, уи аусхкқәа рацәа рҿы Қырҭтәылеи Венгриеи русеицура ҳәаақәнаҵоит.

Иракли Ҕарибашвили Жолт Шемиен ҭабуп ҳәа иеиҳәеит  Венгриа Қырҭтәыла иахьадгыло Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус аиура апроцессаҿ.