Иракли Ҕарибашвили Ташкенттәи атехнопарк даҭааит
Иракли Ҕарибашвили Ташкенттәи атехнопарк даҭааит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Узбекистантәи ареспубликаҿы ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ташкенттәи атехнопарк ибеит. 

Атехнопарк атехнологиатә қәҿиарақәа ирызкны Иракли Ҕарибашвили изеиҭарҳәеит Узбекистантәи ареспублика авице-аҧыза, аинвестициақәеи адәныҟатәи ахәаахәҭреи рзы аминистр Жамшид Хоџьаеви,  атехнопарк адиректор Сарвар Асадови, Ташкент ахада Џьахонгир Артикхоџьаеви.