Иракли Ҕарибашвили – Сара сзы ҳаҭыр дууп иҳамоу алҵшәақәа рышьаҭала Еврокомиссиа иаднакылаз аҭоурыхтә аӡбара шәыдныҳәалара
Иракли Ҕарибашвили – Сара сзы ҳаҭыр дууп иҳамоу алҵшәақәа рышьаҭала Еврокомиссиа иаднакылаз аҭоурыхтә аӡбара шәыдныҳәалара

«Сара сзы ҳаҭыр дууп иҳамоу алҵшәақәа рышьаҭала Еврокомиссиа иаднакылаз аҭоурыхтә аӡбара шәыдныҳәалара. Еврокомиссиа иҳамоу алҵшәақәа ахәшьара бзиа рыҭаны, Европатәи ахеилак иабжьанагеит Қырҭтәыла акандидат астатус арҭарц, аиашаз, иахьатәи амш аҭоурыхтә ҵакы амоуп, Еврокомиссиа аҭоурыхтә аӡбара аднакылеит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.

Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, абри алҵшәа аиуразы Қырҭтәыла аусура ду мҩаҧнагеит.

«Урсула фон дер Лаиен ҭабуп ҳәа ласҳәар сҭахуп, ҷыдала ҭабуп ҳәа иасҳәоит ҳтәыла аҩыза ду, Еврокомиссар Оливер Варҳеи.  Ари аамҭа мариамызт,  ишыжәдыруа еиҧш, ҳара аусура ду мҩаҧаагеит. Сара ҳкоманда ҕәҕәеи, Қырҭтәыла апарламенти, ҳгәыҧ алахәылацәа зегьы, апарламент ахантәаҩы, ҳпартиа ахантәаҩы, рызынтәгьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Абри ақәҿиара ҳара еицымҩаҧаагаз аусура иабзоуроуп. Ишыжәдыруа еиҧш, аҵыхәтәантәи ашықәс азы ҳара  12 абжьагарақәа рынагӡаразы уахгьы-ҽынгьы аус аауан. Иахьа апозитивтә аҳасабырба бзиа аабеит. Ари аӡбара лабҿаба иубарҭоу алҵшәақәа рышьаҭала ирыдыркылеит. Ҳаҭыр зқәу Шарль Мишель ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп, иара Қырҭтәыла акандидат астатус аиурц азыҳәан еснагь дҳацхраауеит. Иара убас, ҳстратегиатә партниор, Америка саҭабууп, избанзар, аҵыхәтәантәи аамҭазы, мызкы аҧхьа, сара  америкатә ҳҩызцәа рҟны зҵакы дуу аиҧыларақәеи аиҿцәажәарақәеи мҩаҧызгеит. Салливани сареи ҳаиҧылара сазааҭгылар сҭахуп, хаҭала иара ҭабуп ҳәа иасҳәоит. Ҳара ибзианы иаадыруеит Салливани Америка аиҳабыреи  рҟынтә адгылара аҵакы ду шамоу. Ҳаҭыр зқәу Урсула  фон дер Лаиен даҽазнык ҭабуп ҳәа ласҳәар сҭахуп, ҳара Испаниа  зҵакы дууз аиҧылара мҩаҧаагеит. Ҳара шәҳалацәозар, аҵыхәтәантәи аамҭазы аилыркаарақәак аҟаҵара ҳақәшәеит, аха, ҳгәыҧ алахәылацәа зегьы, ҳазынтәгьы ҳаидгыланы, аамҭакьаҿ иалагӡаны,  европатәи ҳпартниорцәа рҟынтә иҳауз абжьагарақәа рынагӡара ҳалшеит», — иҳәеит аҧыза-министр.