Иракли Ҕарибашвили Реџьеп Таип Ердоҕан ҭелла диацәажәеит
Иракли Ҕарибашвили Реџьеп Таип Ердоҕан ҭелла диацәажәеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Ҕарибашвили Ҭырқәтәылатәи ареспублика ахада Реџьеп Таип Ердоҕан ҭелла диацәажәеит.

Аҧыза-министр Ҭырқәтәылатәи ареспублика ахада қәҿиарала алхрақәа рымҩаҧгареи, актәи атураҿ иоуз ақәҿиареи, апарламенттә алахрақәа рҿы абжьқәа реиҳара аиуреи идиныҳәалеит.

Аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит ахада Ердоҕан ихаҭа Ҭырқәтәылеи Қырҭтәылеи рстратегиатә партниорра арҕәҕәареи,  иара убас,  Ҭырқәтәылеи Қырҭтәылеи рҽалархәрала имҩаҧысуа жәларбжьаратәи апроектқәа рыла арегион иҭышәынтәалоу аҿиареи аус аҿы иҟаиҵаз алагала ду.

Қырҭтәыла аҧыза-министр ахада Ердоҕан изеиҕьеишьеит алхрақәа аҩбатәи атур қәҿиарала амҩаҧгара.