Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәыла, излалшо ала Ҭырқәтәыла ацхраара иазыхиоуп
Ауаа рҭахареи абылра амшала Ҭырқәтәыла иаиуз азарали иадҳәаланы аиҩызаратә Ҭырқәтәыла садашшылоит, — иануп Қырҭтәыла аҧыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла, излалшо ла, Ҭырқәтәыла ацхраара иазыхиоуп.
«Ҳстратегиатә партниор – Ҭырқәтәыла аладатәи арегионқәа рҿы абнақәа рбылра иазку адыррақәа ҳрыцклаҧшуеит. Ауаа рҭахареи абылра амшала Ҭырқәтәыла иаиуз азарали иадҳәаланы аиҩызаратә Ҭырқәтәыла садышшылоит .
Қырҭтәыла Ҭырқәтәыла аиҳабыреи ажәлари ирыдгылоит.
Қырҭтәыла аиҳабыра рыхьӡала, Ҭырқәтәыла ацхраара сазыхиоуп», — иануп Қырҭтәыла аҧыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы. Аҳәамҭа аланарҵәеит Қырҭтәыла аиҳабыра русмҩаҧгарҭа.