Иракли Ҕарибашвили - Қырҭтәыла аҩыза гәакьа Реџьеп Таип Ердоҕан Ҭырқәтәыла алидерс еиҭалхра идысныҳәалоит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Реџьеп Таип Ердоҕан алхрақәа рылҵшәақәа идиныҳәалеит.
„Қырҭтәыла аҩыза гәакьа Реџьеп Таип Ердоҕан Ҭырқәтәыла алидерс деиҭалхра идысныҳәалоит. Аҭырқәа жәлар рҳәатәы рҳәеит, ҳара ргәырҕьара рыцеиҩаҳшоит. Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара аиҩызареи апартниорреи иаҳа арҕәҕәара ҳазыхиоуп“, – иҩит Иракли Ҕарибашвили.
Ҭырқәтәыла апрезиденттә алхрақәа аҩбатәи атур мҩаҧгоуп. Ҭырқәтәыла Алхратә хеилак заанаҵтәи адыррқәа рыла, алхрақәа рҿы аҧхьагылара имоуп Реџьеп Таип Ердоҕан.