Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара аинститутқәеи ауаҩытәыҩса изинқәа рзы аофиси (ODIHR) адиректор Матео Мекачи диҧылеит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла аиҳабыреи ODIHR-и русеицура иаҵанакәа азҵаарақәа ирылацәажәеит, урҭ рыбжьара – алхрақәа рыцклаҧшреи, Қырҭтәыла адемократиатә институтқәа рырҕәҕәареи, агендертә аиҟарареи, азакәан аиҳаӡареи ахырхарҭалагьы. Ҷыдала иазгәаҭан агендертә тематикатә проектқәа рҿы Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара аинститутқәеи ауаҩытәыҩса изинқәа рзы аофиси аҟынтә иҟоу адгылареи Қырҭтәыла алахәызаареи аҵакы. Иара убас, хшыҩзышьҭра рызун еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аусеицура арҭбааразы иҟоу аперспективақәа.
Аҧыза-министр ODIHR ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла имҩаҧысуа алхрақәа рыцклаҧшразы кыршықәса рыҩныҵҟа анаҧшратә миссиақәа раашьҭразы.
Хшыҩзышьҭра азун аиашаӡбареи аӡбаратә системеи ареформа амҩаҧгара апроцесс аҿы Қырҭтәылеи ODIHR-и русеицура.
Иара убас, аиҧылара алахәылацәа, Украина имҩаҧысуа аибашьреи, арегион аҿы ашәарҭадаразы уи иамоу анырреи иалацәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла жәларбжьратәи аформатқәа зегьы рҿы аполитикатә ганахьала Украина ишадгыло, иара убас, агуманитартә ганахьалагьы ишацхраауа.
Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит ODIHR аган аҟынтә – абжьагаҩ ҷыда Питер Мосопи аиуристтә офицар Карин Симонсени. Ақырҭуа аган аҟынтә – адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии Австриатәи ареспубликаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаараҿы Қырҭтәыла еснагьтәи ахаҭарнак Қеҭеван Цихелашвилии.